Версия для печати
Четверг, 16 мая 2024 16:03

Ацхыраара лас астанциазы амашьына ласқәа ҩба аахәоуп

Аҟәа ақалақь ахадара аҳҭнықалақь Ацхыраара лас астанциазы амашьына ласқәа ҩба аанахәеит.

Амашьына ҿыцқәа аахәоуп Аҟәа ахадара Агәабзиарахьчара усбарҭа иаҵанакуа ацхыраара лас астанциазы аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба идҵала.

Аҟәатәи ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьапуа иажәақәа рыла, амашьына ҿыцқәа ҟазшьарбагала уаанӡа ирымаз амашьынақәа акыр ираҧыргоит.

Уажәшьҭа ацхыраара лас астанциа иамоуп амашьынақәа хәба. Аҳақьым хада иажәақәа рыла, уи иабзоураны афельдшерцәа рбригадақәа еиҳаны реиҿкаара алшара роуеит.

 

Прочитано 825 раз

Медиа