Версия для печати
03 декабря 2020

Аҟәа Ақырҭааи Ладариеи рымҩадуқәа рҟны адгьылҵаҟатәи ауаа риасырҭақәа рышьақәыргылара иалагеит

Иахьа Аҟәа Ақырҭааи Ладариеи рымҩадуқәа рҟны адгьылҵаҟатәи ауаа риасырҭақәа рышьақәыргылара иалагеит. Аусурақәа мҩаҧрыгоит ақалақь акоммуналтә усбарҭақәа.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе иҳәеит иҟоу апроблема аӡбара уажәазы ақалақь ахахьы ишаго, изыххәҭоу аструктурақәа уи ашьҭахь аҭыҧқәа ирхылаҧшлар шакәу.

Прочитано 729 раз