Версия для печати
02 января 2021

Беслан Эшба выделил 100 000 рублей первому ребенку, родившемуся в 2021 году в столице

Глава Администрации г. Сухум Беслан Эшба выделил 100 000 рублей первому ребенку, родившемуся в 2021 году в столице.

Первым на свет появился мальчик в семье Пачалия.

Заместитель главы Администрации Автандил Сурманидзе посетил Сухумский роддом и вручил сертификат матери ребенка Эльвире Джопуа-Пачалия.

 

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иқәҵарала, Аҟәа инхо рыбжьара 2021 ш. рзы раҧхьа ахшара дзауз 100 000 мааҭ ранашьахоит.

Ианвар 1 азы ахәылбыҽха Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы Ԥачалиаа рҭаацәараҿы диит арҧыс. Иара 4,400 кьыла дыҟоуп, иоура 56 см инаӡоит.

Аҟәа ахада акарантин аҿы дахьыҟоу азы, ахшара дзауз, 24 ш. зхыҵуа  ан Ельвира Џьопуа-Ԥачалиа илыдиныҳәаларц ахшараиурҭахь днеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе.

Ахшараиурҭа аҩны аҳақьымцәа ирҳәоит сынтәа ииз ахәыҷқәа зегьы ргәы шыбзиоу. Дара иазгәарҭоит ақалақь ахадара рҟынтәи иҟарҵо ацхыраара ахшара зауа рзы даара акыр шаҵанакуа.

Сынтәа ашықәс ҿыц иалагеижьҭеи Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы ҩыџьа роуп иихьо. Уажәы ахшараиурҭаҿы ишьҭоуп ашықәс ҿыц аламҭалаз ииз жәҩык ахәыҷқәа.

Прочитано 1380 раз