• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
12 января 2021

Беслан Ешба Аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз ақәҵара анагӡаразы аилацәажәара мҩаҧигеит (авидео)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигеит Аҳәынҭқарра ахада аковид чымазара иазкны иҟаиҵаз ақәҵара анагӡаразы аилацәажәара.

Уи иалахәын Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада, Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит аџьармыкьақәеи, акрыфарҭақәеи, атранспорти русура атәы.

Аҳәынҭқарра ахада иусҧҟала, ауаажәларратә крыфарҭақәа русура аанкылазар ауп иахьа инаркны, аџьармыкьақәа ракәзар, русура шьақәдыргылоит аҭыҧантәи ахадара ишырыӡбо ала.

Аҟәа ақалақь ахада иҳәеит аџьармыкьа хадеи ахәҳахәҭратә ҩны «Сухумприбори» аус шыруло мчыбжьык ахь ҩынтә еивыганы. Аџьармыкьа хада аус аулоит аҧшьашеи асабшеи, «Сухумприбор» - аҩашеи амҽышеи.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит уаанӡа иҟаз асанитартә ҧҟарақәа ирықәныҟәоз шмаҷыз, аха уажәшьҭа иҟоу аҭагылазаашьа баны, уи ахылаҧшра ӷәӷәуа шаҭахо.

Атранспорт аныҟәара акәзар, уаҟагьы ахылаҧшра арҭаларц реиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа. Урҭ ацхыраара рырҭалоит Администрациа аусзуҩцәагьы. Ақалақь ахада иҳәеит иара ихаҭеи ихаҭыҧуааи ареидқәа рхы шрыладырхәуа. Инаҵшьны иазгәеиҭеит уажәшьҭарнахыс  асанитартә нормақәа ирықәымныҟәо аусура азин шрымырхуа.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҳәеит ауааҧсыра рхаҭа иҟоу аҭагылазаашьа гәаҭаны, аҭакҧхықәра аадырҧшыр шакуу.

Прочитано 911 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки