• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
01 февраля 2021

Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршәга ақәыргылара иалагеит

Аҟәа аҧшаҳәаҿы, Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршәга ақәыргылара иалагеит.

Ари ашҭаҿы аиҭарҿыцратә усурақәа ирылаган ҵыҧх аҧхын. Уажәы аӡыршәга ахьдыргыло иҟан ашәҭқәа реиҭаҳарҭа аҭыҧ, аха араҟа амашьынақәа ықәдыргылон ашҭахь имҩахыҵуаз ауаа. Ахәыҷқәа рыманы аҧшаҳәахьы инеиуаз рзы араҟа аныҟәара маншәаламызт.

Ишәгәалаҳаршәоит Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы иахәҭоу аусқәа рымҩаҧгаразы, иара убас  араҟа аҩбатәи аҳәынҭқарра ахада ибаҟа ақәыргыларазы аҳәынҭқарратә комиссиа шеиҿкаау. Уи алахәылацәа ирыларҳәеит жәларбжьаратәи аконкурс, уи иалҵшәаны ашҭа зеиҧшрахо рыӡбоит. Араҟа аӡыршәга ақәнагом ҳәа аӡбамҭа рыдыркылар, иара ииагахоит даҽа ҭыҧк ахь. Аха уи еиҧш апроект аҟаҵара иалагаанӡа, ашҭа ус иаанымхарц азы ашәҭқәа еиҭарҳарц рыӡбеит. Ақалақь ауааҧсыра аӡыршәга ҳҭахуп ҳәа аҳәара ҟарҵо ианалага, иӡбан уи ықәыргылазарц. Аӡыршәга аахәаразы абиуџьет ҧарақәа рхы иадмырхәаӡеит. Уи ақалақь ахада ҳамҭас иҟаиҵеит.

Аҟәа ақалақь архитектор хада Светлана Шаменкова лажәақәа рыла, аӡыршәга алхраҿы иахәаҧшын уи астиль. Ақалақь егьырҭ аҭыҧқәа рҿы иқәгылоу афонтанқәагьы ари астиль ауп изеиҧшу.

Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы аусурақәа рымҩаҧгаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура иахьазы ихыркәшаӡам апандемиа иахҟьаны. Ари ашҭаҿы апарк ҟарҵар ауеит ҳәа ацәажәарақәагьы ыҟоуп. Аҟәа ахада Беслан Ешба игәаанагарала, араҟа ашҭа шыҟоу иаанхар иаҳа еиӷьуп, Ишаадыруа еиҧш, аҧшаҳәаҿы апаркқәа рацәоуп, аха ашҭақәа уаҳа ыҟаӡам атеатр аҧхьа ада. 

Прочитано 742 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки