• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
05 февраля 2021

Савели Ҷыҭанаа: абри аҩыза аусқәа, масштабла иуҳәозар, ақалақь аҿы иҟарымҵеижьҭеи даара акрааҵуан (авидео)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҧсны Аҳәынҭқарратә екологиатә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа дызлахәыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Уаҟа иазааҭгылан ақалақь аҿы аҵлақәеи аҵиаақәеи рыхҵәаразы имҩаҧырго аусурақәа, иара убас аҧхьаҟатәи апланқәеи русеицуреи ртәы.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит ақалақь аусбарҭақәа аекологиатә еилакы аспециалистцәа ирмазҵаакәа русқәа мҩаҧырымгаларц адҵа шрымоу.

Савели Ҷытанаа иҳәеит иара гәахәарыла ишидикылаз ас еиҧш аилацәажәра ақалақь ахадараҿы иахьымҩаҧырго.

«Аҵыхтәантәи аамҭазы иубарҭоуп Администрациа инарыгӡо аус дуқәа. Абри аҩыза аусқәа, масштабла иуҳәозар, ақалақь аҿы иҟарымҵеижьҭеи даара акрааҵуан. Амахәқәа ҵаҟа-ҵаҟа ихырффаны, иахьаҭаху инарҵауланы ахҵәара. Ҟәышрыла дыррала, аспециалистцәеи дареи еимаданы русқәа мҩаҧыргоит», - иҳәеит Аекологиатә еилакы аиҳабы.

Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит ақалақь аҿы аҵиаақәа рхылаҧшра шымариам, имҩаҧырго аусурақәа ауаа зны-зынла ишырзеилымкаауа.

Иара иазгәеиҭеит ақалақь аусбарҭақәа рҿы зус здыруа аспециалистцәа аус шыруа, аҵлақәа рыҧҟара ргәы ианҭоу аекологиатә еилакы аспециалистцәагьы шадрыҧхьало, ргәаанагара ишазыӡыҩруа.

Ҳара ишақәнаго ҳус ҟаҳҵоит, ҳақалақь ҳаӷаӡам, иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Ааигәа ақалақь аусбарҭақәа Аиааира апроспекти Абазақәа рымҩадуи рҿы аҵлақәа рхырҿҿара ргәы иҭоуп. Ақалаь ахада Беслан Ешба иҳәеит ирлас-ырласны иҧырымҟаларц азы, ирҵауланы аҵлақәа рыҧҟара дшадгылам, аиаҵәара ааныжьны, иҧшӡаны иҧырҟар иаҳа ишеиӷьу.

Прочитано 690 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки