• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
20 февраля 2021

Аҧсуа бызшәа адырра ахьысҳара аанарҧшит Аҵара Аусбарҭа аметодистцәа мчыбжьыктәи русура

Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара Аусбарҭа имҩаҧнагеит ахәыҷбаҳчақәа рметодистцәеи урҭ русура ахылаҧшра азҭо Аҵара Аусбарҭа аспециалист хадацәеи злахәыз аилатәара.

Аилатәараҟны ирылацәажәеит ахәыҷбаҳчақәа рҟны иахьатәи аамҭа ишьақәыргылоу асанитартә нормақәа ирықәшәо аформат ҿыц ала аусура аиҿкааратә зҵаарақәа.

«Ишдыру еиҧш, ахәыҷбаҳчақәа русураҿы зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп ааӡамҭацәа ргәабзиара ахьчара ацклаҧшреи, урҭ рааӡареи, ражәаҳәа арҿиареи. Убри инамаданы аметодистцәа ирылдыршеит арҵаратә программа аҧсахрақәа ралагалара. Мчыбжьыктәи русура хыркәшо ирзааҭгылеит аусураҿы ирҧылаз ауадаҩрақәа. Урҭ иреиуоуп рхатәы (аҧсуа) бызшәа адырра ахьысҳара. Апроблема аӡбаразы иахәҭоуп ҳәа иалыркааит аҭаацәа рҭақҧхықәра арӷәӷәара, ахәыҷбаҳчақәа рҿгьы иарбан усмҩаҧгатәзаалакгьы аҧсышәала амҩаҧгара. Ишьақәдырӷәӷәеит ахәыҷбаҳчақәа русура арежим», - ҳәа аанацҳауеит Аҵара Аусбарҭа.

Аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит ахәыҷқәа ган рацәала рааӡаразы ирыгу ахархәагақәеи амаругақәеи рыла ишеиқәыршәахо.

 

 

Прочитано 821 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки