Версия для печати
27 мая 2021

Беслан Ешба идикылеит Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет аделегациа

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идикылеит Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет аделегациа.

Уи иалахәып апрофессионалтә ҵараиуразы ауниверситет апроректор Ирина Аверина, жәларбжьаратәи аҟәша адепартамент адиректор, афилолгиатә наукақәа рдоктор Ирина Безукладова, абаҩрҵәыреи аспорти рзы афакультет адекан Артем Савельев, апедагогикатә наукақәа ркандидат Александр Скворцов.

Дара Аҧсныҟа иааит аҭыҧантәи арҵаҩцәа рҧышәа рымардарц. Сынтәа апрель азы Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа ахаҭарнакцәа алахәын Тамбовтәи ауниверситет аҿы имҩаҧысуаз аҵарадырратә форум. Уи ашьҭахь ауниверситет ахаҭарнакцәа ааҧхьара рырҭеит Аҟәаҟа.

Беслан Ешба иҭабуп ҳәа реиҳәеит Тамбовтәи ауниверстиет ахаҭаранкцәа Аҟәаҟа рааразы. Иазгәеиҭеит дара зҿу аус акыр шаҵанакуа аҿар рааӡараҿы. Ақалақь ахада иҳәеит ас еиҧш иҟоу апроектқәа рымҩаҧгара Тамбови Аҟәеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа.

Асасцәа ирҳәеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу – арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхразы акурскәа рымҩаҧгара адагьы Тамбовтәи ауниверситет аҿы хәыда-ҧсада Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рыдкылара рылшоит.

Иахьазы Тамбовтәи ауниверситет аус рыцыруеит 35 ҳәынҭқарра. 64 ҳәынҭқарра рҟынтәи х-нызқьҩык раҟара астудентцәа Тамбовтәи ауниверситет аҿы аҵара рҵоит.

Апедагогика, амедицина, абиотехнологиа, авиациа уҳәа ауниверситет аҿы иаарҧшуп еиуеиҧшым ахырхарҭақәа.

Абызшәадырҩы Ирина Безукладова иазгәалҭеит ишҭылҵаауаз Аҧсны иамоу аимадарақәа. Иазгәалҭеит Аҧсны ахаҭарнакцәа Германиеи Австриеи излаҟоу ала, англыз бызшәа анаҩсангьы, анемец бызшәеи афранцыз бызшәеи здыруа разыҟаҵара шыхадоу. Абызшәақәа дырҵаразы ауниверситет аҿы аҧышәа ду рымоуп, зынӡа иззымдыруагьы иддырҵоит рҵара иалагӡаны, астажировка Европаҟа ирышьҭуеит.

Беслан Ешба иҳәеит ажәалагалақәа иҟарҵаз зегьы аинтерес шрымоу, аҵара аҟәша аусзуҩцәа иреиҳәеит ирыдыргало апроектқәа зегьы ахшыҩзышьҭра рырҭарц.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҧшәмацәеи асасцәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Анаҩс асасцәа аҭааит а-10-тәи Аҟәатәи Ашьхарыуаа ршкол. Араҟа аҵаҩцәа асацәа ирзеиҭарҳәеит ршкол аҭоурых, ирзышәаҳәеит, ирзыкәашеит. Ашәаҳәаҩ Артур Лакрба 2017 ш. рзы Тамбов дыҟан,    ашәа иҩит Аҟәеи Тамбови реиҩызара иазкны, ажәақәа авторс дрымоуп Аҟәа администрациа аусуҩы Ҭемыр Кәакәасқьыр. Уи ашәа нарыгӡеит Манеи Артур Лакрбеи.

Апроректор Ирина Аверина Тамбовтәи аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыхьӡала асалам рылҭеит Ашьхарыуаа ршкол аҵаҩцәа. Илҳәеит аҧсшәа даара ишыҧшӡоу.

Анаҩс Арҵаҩцәа рыҩнаҿы Тамбовтәи ауниверситет ахаҭарнакцәа Аҟәатәи ашколхәыҷқәа ирҧылеит, ирзеиҭарҳәеит руниверситет аҿы иҟоу афакультетқәа, онлаин-формат ала арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыҽрымардар шалшо, иара убас ауниверситет аҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху шазыҟарҵо.

Ашколхәыҷқәа ироуз аинформациа азҿлымҳара аадырҧшит.

Иааиуа амшқәа рзы Тамбовтәи ауниверситет ахаҭанакцәа Аҟәатәи аҩбатәии, аҧшьбатәии, ацхыраагӡатәи ашколқәа рҿы имҩаҧыргоит арҵаҩцәа рзы асеминарқәа.

Прочитано 786 раз