• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
01 июня 2021

Аҟәа ақалақь ахада апоет Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ашәҟәыҩҩы, апоет, апублицист, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Ианкәа-иҧа!

Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит шәиижьҭеи 60 шықәса аҵра амш!

Зегь раҧхьа иргыланы, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәа, агәамч, агәырӷьара ду!

Шәара шәеицырдыруеит збаҩхатәра ҳараку апоет, ашәҟәыҩҩы, апублицист, аиҭагаҩ иаҳасабала. Шәырҿиаратә лшамҭа дуқәа азгәаҭаны, ишәанашьоуп Аҧсны Жәлар рпоет Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, иара убас Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы Аҳәынҭқарратә премиа шәалауреатуп.

Шәара шәыруаӡәкуп ҳмилаҭтә литература иаҵагылаз абиҧара ҿыц - ҳмилаҭ литература ахьаа зхьаау, ҳмилаҭтә литература аӡыргара иашьҭоу. Шәкаламҧынҵа иҵшәыжьхьеит хыҧхьаӡара рацәала апоезиатәи апрозатәи еизгақәа. Шҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, асерб, аерман, ауаԥс бызшәақәа рахь.

Акыр шықәса инеиҧынкыланы лҵшәа бзиала аус жәуеит алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» аредактор хадас, шәааԥсара дууп Аԥсуа телехәаԥшреи Аԥсуа радиои рҟны алитературатә дырраҭарақәа рымҩаԥгарҿы. Ҳаԥсуа литература аҿиара амчхара ҿыц азҭо, ҵакылагьы ҧхьаҟа изго аҧсуа сахьаркыратә ажәа шәазҟазоуп.                          

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит!

Ҳазшаз ишәаҭәаишьааит ашықәсынҵыра ду! 

 

Прочитано 818 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки