Версия для печати
22 июля 2021

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигеит аепидемиатә ҭагылазаашьа иазку аилацәажәара

Аилацәажәарахь иааҧхьан ахәшәтәырҭақәа рхаҭарнакцәа, амилициа аусзуҩцәа, аџьармыкьа ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь автотранспорттә усбарҭақәа реиҳабацәа.

Аҿкы чымазара аламырҵәаразы иҟаҵатәу аусмҩаҧгатәқәа ирылацәажәан.

Аҟәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа атәы далацәажәеит ақалақь иаҵанакуа агәабзиарахьчаразы аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба. Лара иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟа Аҟәа мацара 555-ҩык аковид шрыхьыз, урҭ  рахьынтә 64–ҩык ахәыҷқәа роуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа иҳәеит ашоура змоу ауаа ранализқәа ргара ишахьымӡо, урҭ хымш инаркны хәымшынӡа иҧшыр шакуу.

Ақалақь ахада дазҵааит ахәшәқәа рыла иахьынӡеиқәыршәо. Ирма Воуба илҳәеит ахәшәтәырҭақәа шеиқәыршәо, уи ирҵабыргит Асҭамыр Гәыниагьы. Иахьазы аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы проблемас ирымоу арентген-аппарат аус ахьамуа ауп. Уи уаҟа иандыргылозгьы иагыз ыҟан, уажәы аремонт аҟаҵара иаҿуп, хымш-ҧшьымш ирылагӡаны аусура иаладыргоит.

Иахьазы аковид зыхьуа ррыҧҳақәа гәарҭар рылшоит Аҟәатәи актәи аполиклиникаҿы. Ари аполиклиника аҳақьымцәа даара рааҧсара рацәахеит ҳәа азгәалҭеит аҳақьым хада Лиана Амҧар. Ҳақьымк 200-ҩык рҟынӡа ачымазцәа дырхылаҧшуеит, ҭелла рыҽрымардоит.

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника акәзар, ирацәаҩхеит уахь идҵаало рхыҧхьаӡарагьы. Иуль акы инаркны 123 ковид зыхьуа ахәыҷқәа Аҧсны ахыи аҵыхәеи рҟынтәи уахь нанагахьеит. Иҟоуп изҳәо аполиклиникаҿы иҧшу ауааа ахьтәо ыҟаӡам ҳәа. Апедиатр Есма Гәыниа лажәақәа рыла, атәарҭақәа ҟарымҵаӡеит ауаа еибамҟьашьларц азы.

Аинфекциатә хәышәтәырҭаҿ акәзар, уаҟа иаарласны иҟарҵоит ауаа ахьтәаша. Асҭамыр Гәыниа иҳәеит ахәшәтәырҭаҿы аҭыҧ ҭбаауп азы, уи иалнаршоит аҟәардәқәа нахараны рыргылара.

Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа даара ишыхьанҭоу, локдаун ада уи алҵра шыцәгьахо.

Беслан Ешба иҳәеит ас еиҧш аусбарҭақәа алархәны аилацәажәара зымҩаҧигаз дара ираҳарц азы шакуу иҟоу аҭагылазаашьа. Иара иазгәеиҭеит ауаажәларратә транспорт аҧсҟы зку рхымҩаҧгашьа зынӡа ишиашам. Атранспорттә наплакы аиҳабацәа иреиҳәеит асанитартә нормақәа ирықәымныҟәалар, русура иамырхларц, зынӡа атранспорт аанкылара рықәшәозаргьы.

Аҟәатәи автотранспорттә наплакы адиректор Леонид Шәлымба иҳәеит аҵыхәтәантәи амчыбжь азы хҩык русура ишамырххьоу, 16-ҩык ргәы рҽанҵоуп. Аҧсҟы зку рыбжьара 18-ҩык ковид рыххьеит. Ас ҳашцо ҳцозар, амашьынақәа ирықәҳартәо ҳауӡом, иҳәеит Шәлымба.

Ақалақь ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа Аҟәатәи аҟәша аусзуҩцәа иреиҳәеит ареидқәа ирыцырҵарц. Аҧҟарақәа ирықәымныҟәо рмашьынақәа рымхны идыргылаларц.

Убас Беслан Ешба иҳәеит аџьармыкьа хадеи ахәҳахәҭратә ҩны «Сухумприбори» рҿы аус зуа асанитартә нормақәа ирықәныҟәаларц. Иазгәеиҭеит ус анакәымха, урҭ русура аграфикла ишышьықәыргылахо. Убас агәаҭарақәа мҩаҧыргалоит ахәҳахәҭратә ҩнқәа рҿы, акрыфарҭақәа рҿы.

Беслан Ешба изагәеиҭеит аҳақьымцәа руалҧшьа анынаргыӡо аамҭазы, егьырҭ ауааҧсырагьы ас еиҧш аҭагылазаашьа алмыршаразы ауалҧшьа шрыду.

Уажәазы ирыҭаз адҵақәа шынарыгӡаз атәы иахәаҧшуеит ашәахьаҽны, иуль 26 рзы имҩаҧгахо аилацәажәараҿы.

 

Прочитано 882 раз