Версия для печати
13 августа 2021

Акоммуналтә усбарҭақәа амшын аҧшаҳәаҿы рус макьана инҵәаӡом (+АВИДЕО)

15-мшы раҧхьа амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа амшын аҧшаҳәа иқәнажьыз агәам-сам ақәгара уажәгьы иаҿуп.

Аҽны иқәганы ианалгалак, ауха иаҭах ақыдқәеи, аҵлақәа рымахәқәеи рыбӷьқәеи аҟәара иқәнажьуеит. Аҧхьатәи амшқәа рзы аҵлақәа шеибгаз иаанагон.

Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы аус зуа Жанна Мықәба илҳәоит сынтәа амҿы дшашьҭамло, араҟа еизылгаз шлызхо.

Жанна Мықәба амшцәгьа ашьҭахь агәынамӡара аазырҧшыз аҧсшьацәагьы иреилдлыркааит ари аҧсабаратә цәырҵра Аҧсны мацара шакәым иахьыҟалаз, адунеи егьырҭ аҭыҧқәагьы шамҽханакыз, убри азы агәамҵра ҟамҵакәа, сасгьы ҧшәымагьы еицхырааны идрыцқьар шаку.

Амшын иаҳарак агәам ахьықәнажьуа иреиуоуп Маиак аҧшаҳәа. Ари аҭыҧ аҿы Аҟәа акоммуналтә усбарҭақәа рнаҩсангьы амшын аҧшаҳәа актәи амшқәа рзы идрыцқьон аҭыҧан инхо, урҭ иазгәарҭон ақалақь аусбарҭақәа рыдагьы даргьы ишыруалу аҧшаҳәа арыцқьара.

Аҟәа акоммуналтә усбарҭақәа амшын аҧшаҳәа мацара арыцқьара иалагар, ақалақь аанхоит. Дара ргәы иаланы ирҳәоит џьоукы-џьоукы џьара гәамк кажьны ирбар, иҭыхны асоциалтә ҳақәа рҿы ишҭарҵо, ақалақь ҟьашьуп ҳәа. Дара мап ацәыркӡом дарбанзаалакгьы ацхыраара рыдигалар. Убас Урыстәылантәи ҧсшьара иааз гәыҧҩык ауаа ҳшәыцхраарц ҳҭахуп ҳәа ақалақь аусбарҭақәа рахь ианыдҵаала, гәахәарыла ирыдыркылеит.

Аҟәа инхо Альберт Шокуев исасцәа Сибрантәи иааит. Дара амшцәгьа ашьҭахь иаҿуп амшын аҧшаҳәа арыцқьара. Аҟәа ақалақь ахҧатәи аҩнусбарҭаҿы дара аус зларуша амаругақәа рырҭеит, аҟәара ахьыдрыцқьаша ддырбеит. 

Амшын иахьагьы иаанагоит агәам-сам. Акоммуналтә усбарҭақәа амшын аҧшаҳәаҿы рус макьана инҵәаӡом

Прочитано 594 раз