• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
18 августа 2021

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа Аҟәа ахадас дшьақәдырӷәӷәеит Беслан Ешба

Аҟәатәи ақалақьтә еизара изаамҭанытәиу аилатәараҿы Аҟәа ақалақь ахадас Беслан Ешба ишьақәырӷәӷәаразы Аҧсны ахада ишәҟәы иахәаҧшуан.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәарахьы зкандидатура иахәаҧшраны иҟаз Беслан Ешба дихцәажәеит Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа. Уи иазгәеиҭеит шыкәсык инацны Аҟәа ақалақь ахадас знапынҵақәа назыгӡо Беслан Ешба аамҭа цәгьа дшақәшәазгьы алҵшәа бзиақәа шыҟоу.

Аилатәара иалахәыз адепутатцәа Беслан Ешба иахь зҵаара рымамызт, иазгәарҭеит иусушьа бзиа шырбарҭо, уимоу ишырдыруа ихатә ҧарагьы шнихуа ақалақь аҿы имҩаҧысуа аҧсахрақәа рзы.  

Регламентла ақалақь ахада ишьықәырӷәӷәара маӡалатәи абжьыҭиирала имҩаҧысроуп. Аҧхьаӡаратә комиссиа ахантәаҩы Нарсоу Салаҟаиа ирылаиҳәеит абжьыҭиира алҵшәақәа – 18–ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахадас иҟалара, биуллетенк ҧхасҭахеит.  

Беслан Ешба адепутатцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирҭаз агәрагаразы, иагьазгәеиҭеит иара изы уи шҭакҧхықәра дуу.

Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа иҳәеит Ақалақьтә еизареи Аҟәа ахадареи рҳәоуеиқәшәара ҟалар, русура алҵшәа ҳаракы аарҧшра ишазҳәахоу. 

 

 

 

Прочитано 742 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки