• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
02 сентября 2021

Ихыркәшоуп Синоп иҟоу аангыларҭа аиҭашьақәыргылара

Мышқәак раҧхьа ихыркәшан Синоп иҟоу аангыларҭа ахыбра аиҭашьақәыргылара.

Синоптәи аангыларҭа акыршықәса аҭагылазаашьа цәгьан. Ари араион аҿы инхоит ирацәаҩны ауааҧсыра, иҟоуп ҩ-хәыҷбаҳчак, школк, аҧхын аҧсшьаҩцәагьы рацәоуп. Урҭ зегьы ауаажәларратә транспорт иазыҧшуп абри аангыларҭаҿы. Аха рхы ыҵаркыртә уи еибгамызт - ахыб ақәа кылсуан, атәарҭақәа ҧҽын, аҭӡамц еилаҳахьан. Убри  аҟынтә Аҟәа ақалақь ахадараҿ ирыӡбеит аангыларҭа еиҭашьақәдыргыларц. Аусурақәа рынагӡара рыдырҵеит «Ақалақьргылара» аусуҩцәа. Аус амҩаҧысшьа ахылаҧшра инапы ианырҵеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

«Аҭоурых змоу аҵагыларҭоуп ари. Аибашьра ҟалаанӡа СФТИ аус зуаз зегьы 200-300-ҩык абра иҵатәаны атранспорт иазыҧшын, ақалақь ахь ицон-иаауан. Аиҭашьақәыргылара ҳаналага, изеицәааӡари, «ари са стәы акәын, сара сахылаҧшуан, аӡәгьы иаҳҭаӡом» хәа ҳәо ицәырҵқәаз ҟалеит. Аангыларҭа ажәлар иртәуп. Ари аӡәы ихатәны иҟаиҵар ҟалаӡом.  Аусурақәа рымҩаҧысшьа сахылаҧшуан, мышкы ҩынтә-хынтә срыдҵаалон, иҟарҵо ахаҭабзиара ҳаракхарц. Ари араион аҿы депутатс иҟоу Лаша Ашәбагьы дҳавагылан, ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп. Ҩымз раҧхьа ҳалагеит аиҭашьақәыргылара, нас аӡхыҵрақәа аныҟала, аусурақәа аанаҳкылеит, амшцәгьақәа аҧхасҭа иҟарҵаз анықәаҳга, дырҩегьых нап аҳаркит. Иҧшӡаӡа иҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит  Авҭандил Сурманиӡе.

«Ақалақьргылара» аусуҩы Витали Какалиа еиҭеиҳәеит уаанӡатәи аангыларҭа аиҭашьақәыргылара шзалымшахаз, убри аҟара иажәын азы.

«Ажәытә аақәганы ирҿыцны иҳаргылеит. Амозаика ҿыц иҟаҳҵеит, уаанӡа иҟаӡамызт, атәарҭақәа ҿыц иҟаҳҵеит. Аангыларҭа дууп, аура 15 метра иҟоуп. «Сухумприбори» «Синопи» игылоу аангыларҭақәа иреиҳау ыҟаӡам ақалақь аҿы. Ари араион аҿы ажәлар рацәан аибашьра ҟалаанӡа, СФТИ аус ауан, убри аҟынтә абри аҩыза дыргылеит. Ишыҟаз идуны иаанҳажьит. Уажәы ари абжа ықәганы, абжа ааныжьны иҧшӡахаӡомызт. Ишыҟалаз жәбоит, ибзиахеит, ицәгьаӡам. Аҷкәынцәа аџьабаа рбеит, аха акахьы икылаҳгеит», - иҳәеит Витали Какалиа.

Ауснагӡатәқәа рлыҵшәақәа ргәаҧхеит аҭыҧантәи ауааҧсыра. Аусқәа мҩаҧызгаз Аҟәа ақалақь ахадара ҭабуп ҳәа ралҳәеит 30-шықәса инареиҳаны Синоп инхо Наталиа Шириаева.

Иусуҩцәа иҟарҵаз ахә ҳаракны ишьеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбагьы. «Ақалақьргылара» аспециалистцәа ицны дахәаҧшит иара убас Синоп иҟоу аҩбатәи аангыларҭа аҭагылазаашьа. Иӡбан уигьы нап адкылазарц. Аха излажәу ала, аиҭашьақәыргылара залшахом, иқәганы аҿыц дыргылоит.

Иҳәатәуп, мышқәак раҧхьа ишдәықәлаз Синопгьы имҩасуа Тҟәыбыни Алашарбагеи еимаздо атроллеибус. Уи аимадара аамҭакы еиҧҟьаны иҟан, амшцәгьақәа ирыхҟьаны ацәаҳәақәа ахьыҧҵәаз азы. 

Прочитано 680 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки