• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
18 сентября 2021

Аҟәа адунеизегьтәи ацқьара амш ахы аланархәит (авидео)

Ақалақь Аҟәа адунеизегьтәи акциа «Ацқьара амш» ахьымҩаҧырго 180 ҳәынҭқаррақәа рхыҧхьаӡарахь иацлеит.

Ари аҩыза акциа Аҧсны аҳҭнықалақь амҩаҧгара аҧшьыргеит Акультуреи, аспорти, аҧшӡареи рзы амилаҭтә Ассоциациа. Аҟәа ақалақь ахадарахь иҟарҵаз ажәалагала адгылара аиуит.

Аҟәа ақалақь ахадареи Акультуреи, аспорти, аҧшӡареи  рзы амилаҭтә  Ассоциациеи изныкымкәа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа еицынарыгӡахьеит. Уажәгьы раҧшьгара ажәала мацара акәымкәа махәҿалагьы иадгылеит – ақалақь ахадареи аҩнхарҭа аусбарҭақәа русуҩцәеи ақалақьуааи еицхырааны агәам-сам ақәгара нап адыркит Алашарбага араион абжьаларҭа азааигәара иҟоу апарк аҿы.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акциа ахьымҩаҧысуаз аҭыҧ аҿы днеит, дрыҿцәажәеит уи алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи.

Адунеизегьтәи акциа «Ацқьара амш» мҩаҧыргоит 2008 раахыс. Уижьҭеи 50 миллионҩык реиҳа алахәхахьеит иахьымҩаҧырго 180 ҳәынҭқаррақәа рҟны. Уажәшьҭарнахыс уи асиаҿы иҟоуп Аҟәа.

Акциа алахәылацәа аҳабла ҿыц инхо рахь ааҧхьара ҟарҵеит ирымардарц аҳҭнықалақь арыцқьаразы ихацдыркыз аус.

 

 

Прочитано 524 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки