Версия для печати
19 октября 2021

Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа зегь рҟны ихацыркуп  аԥсуа бызшәа амчыбжь

Жьҭаарамза 18 рзы Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа аҵараиурҭақәа зегь рҟны ихацыркуп шықәсы рацәала итрадициахаз «Аԥсуа бызшәа» амчыбжь.

Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Анеза Ҭар-ҧҳа лажәақәа рыла, амчыбжь аҩныҵҟа аҳҭнықалақь жәохә школ зегьы рҿы имҩаҧысуеит еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа.

«Аҧсуа чыс, аетикет, аҧсуа литература, ашәҟәыҩҩцәа, акультура, аҟазара, атеатр, ателехәаҧшра уҳәа ирызхьаҧшып ҳәа иҧхьаӡаны ари амчыбжь Аҟәа аҧсуеи аурыси школқәа зегьы рҿы имҩаҧысуеит. Ашколқәа зегьы аплан шьақәдыргылоит – ажәеинралаақәа рыҧхьара, Миха Лакрба иажәабжьқәа асценкақәа рылхны ақәыргылара, ашәаҳәара ахьыҟоу ыҟоуп. Амчыбжь иҭагӡаны аҧсуа бызшәа арҵаҩцәа акласстә сааҭ мҩаҧыргоит. Уаҟа иалацәажәоит аҧсуа нбанқәа шьаҭаркҩыс ирымоу, шәҟәыҩҩцәас иҳамоу, амузеиқәа, ҳтеатр, ҳтелехәаҧшра, ҳрадио анҭыҵыз, ҳгазеҭқәа, ҳжурналқәа аҧсышәала ицәажәо ҳарзааҭгыланы ирызнаҳгоит аҵаҩцәа. Амчыбжь ахыркәшамҭаз зегьы ирыҩуеит ахыҭҳәаа, доусы ииҭаху атема ала, убас ҭагалан иазкны, абызшәа иазкны, ашәҟәыҩҩы изкны. Иара убас имҩаҧаҳгоит ацәыргақәҵақәа абызшәа иазку», - лҳәеит Анеза Ҭар-ҧҳа.

Аҧсуа бызшәа амчыбжь хыркәшахоит ахәаша, жьҭаарамза 22 рзы.

Прочитано 842 раз