Версия для печати
29 октября 2021

Авҭандил Сурманиӡе: адгьыл аҵсырҭақәа рҿы агәам-сам кашәмыжьлан

Ақалақь акоммуналтә усбарҭақәа иаҭах ррыцқьара иаҿуп аихамҩатә вокзал аҿы иҟоу ашьаҟауаа адгьыл иахьыҵсуа аҭыҧи Атурбаза араион аҿы иҟоу аҵсырҭеи.

Аҟәа иҟоу ашьаҟауаа адгьыл рыҵсырҭақәа 11 рахьынтә акагьы ақалақь ахь иаҵанакӡом, дара республикатә ҵакы рымоуп. Урҭ зҵазкуа Аҧсны Аихамҩа, «Аҧсныавтодор» уҳәа еиуеиҧшым анаплакқәа роуп, аха ус шакугьы ақалақь аусбарҭақәа дара изныкымкәа идрыцқьахьеит. Уажәазы иаҭах ирҿуп ҩба - аихамҩатә вокзал аҿы иҟоу ашьаҟауаа ахьыҵсуа аҭыҧи Атурбаза араион аҿы иҟоу аҵсырҭеи.

Авокзал аҿы адгьыл аҵсырҭа ҵыҧх аҧхын идрыцқьахьан, аха иаҭах иҟьашьит, џьоукы араҟа агәам-сам кажьырҭас иҟарҵеит.

Аҟәа ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ауааҧсыра рахь даҽазныкгьы ааҧхьара ҟаиҵоит адгьыл аҵсырҭақәа рҿы агәам-сам кармыжьларц, алашара иамоу амрымхларц, мамзаргьы иҧырымҽларц.

Атурбаза араион аҿы иҟоу адгьыл аҵаҟатәи аҵсырҭагьы ҵыҧх декабр азы еиҭашьақәыргылан, уаҟа аӡы ҭарбан, ирыцқьан, аха сынтәа еиҭах аӡы ыҵалеит. Уажәы ақалақь аусбарҭақәа иаҭах аусурақәа мҩаҧыргоит араҟа иаарласны ауаа ыҵсуа иҟарҵарц азы.

Прочитано 574 раз