• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
05 ноября 2021

Аҟәа Абазақәа рымҩаду аҟны акаҭран ақәырҭәара иазку аусурақәа ирылагеит (авидео)

Аҟәа ахада Беслан Ешба ноиабр 3 рзы Аҧсны ауааажәларратә палата алахәылацәа данырҧылоз иҳәеит Лакоба имҩадуи Абазақәа рымҩадуи реихысырҭаҿы мышқәак рыла акаҭран шықәҵахо атәы. Иахьа, ноиабр 5 рзы, урҭ аусурақәа хацыркын.

Араҟа ихыркәшоуп аӡцарҭақәа рышьақәыргылара, иаҿуп абордиурқәа рырҽеира. Аусурақәа ирылагеит Аҟәатәи абааш аганахьала.

Аҟәа ахадара акоммуналтә департамент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵаратә усқәа мышқәак ирыдхалоит, анаҩс акаҭран ықәҵахоит. Убри алагьы амашьынаныҟәцаҩцәа агәамҵра рызцәырызгоз амҩадуқәа руак дырҽеиуеит. Анаҩс ирылагоит Лакоба-Џьонуа, Аиааира-Џьонуа реихысырҭақәа.

Акаҭран акқәҵаразы аусурқәа мҩаҧнагоит «Абхазрегионстрои». Аҟәатәи «Аӡыканал» зҿыз аусурақәа ракәзар, аӡцарҭа аколлектор Абазақәа рымҩаду аҿы ишьақәыргылоуп, иаанхаз алиукқәа рхарҧақәа раҭара ауп, уи ус мариоуп.

Аҟәа амашьынақәа рыргыларазы иҟоу апроблема гәаҭаны, Абазақәа рымҩаду аҿы амашьынақәа ахьдыргыло аҭыҧқәа рзалхра арбоуп. Уи еиҧш аҭыҧ ҟалоит Абазақәа рымҩаду Аҟәатәи абааш азааигәара, иара убас егьырҭ аҭыҧқәа рҿы. 

Урыстәыла Аҧсны ацхырааразы иҟанаҵо Аинвестициатә программа инақәыршәаны Абазақәа рымҩаду аҿы 2020 ш. раахыс аусурақәа мҩаҧысуеит. Аусурақәа цоит Арӡынба имҩаду аҟынӡа. Амҩа егьи ахәҭа аҿы акоммуникациатә цәаҳәақәа ҧсахын, акаҭран ықәҵан 2014 ш. рзы Аҟәатәи астадион «Динамо» андыргылоз.

Прочитано 771 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки