• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
29 сентября 2022

Аԥсны аибашьра иалахәыз арҵаҩцәа-аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҵара Аусбарҭа еиҿнакааз ахәылҧаз аҟны

Аԥсны аибашьра иалахәыз арҵаҩцәа-аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҵара Аусбарҭа еиҿнакааз ахәылҧаз аҟны афото: Аҵара Аусбарҭа

Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара Аусбарҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз арҵаҩцәа-аветеранцәа рыдныҳәаларатә хәылҧазы мҩаҧыргеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҟны.

Ҳџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз иҧшьоу Аиааира рыхәҭа ду алоуп ҳарҵаҩцәа-ҳааӡаҩцәа, азгәарҭоит Аҵара аусбарҭаҿы.

Урҭ ркаламқәа аганахь инышьҭаҵан ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәраз игылеит. Шьала икәабо ҳақалақь ахақәиҭреи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши рхы ақәырҵеит аӡәырҩы.

Убас еиҧш иҟалоит аҧҭазаараҿы, еиҳа ианшәарҭоу аамҭазгьы, арҵаҩы дшырҵаҩу дырны, иҿыҧшыртә ихы аарҧшра анилиршо, иҵаҩцәа акласс уадаҿы иреиҳәоз ажәақәа, аҧсҭазаараҿы иара ихаҭа ианышьақәирӷәӷәо. Ус еиҧш рхаарҧшра рылшеит арҵаҩцәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭаз.

«Ҳаҭыр зқәу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҳарҵаҩцәа! Шәара еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, иаашәырҧшит ахачҳареи, агәаӷьреи, аҿырҧш бзиеи, аибашьра ашьҭахьгьы шәырҵаҩратә уалҧшьа нашәыгӡоит. Шәара шәыхьӡ мацарагьы ҳҿар мҩақәнаҵоит, шәфырхаҵара, шәгәымшәара ааӡагоуп! Хашҭра рықәымзааит Аҧсны зхы ақәызҵаз арҵаҩцәа! Хашҭра рықәымзааит ҳ-Аҧсадгьыл Аиааиреи Ахьыҧшымреи азаазгаз зегьы!» - аҳәоит Аҵара Аусбарҭа иҟанаҵаз адныҳәалараҿы.

Прочитано 434 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки