Версия для печати
15 ноября 2022

Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы ихацыркуп «Арҵаҩратә ҟазаратә школ» аусура аҩбатәи аетап

Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы ихацыркуп «Арҵаҩратә ҟазаратә школ» аусура аҩбатәи аетап афото: Аҵара аусбарҭа

Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы ихацыркуп «Арҵаҩратә ҟазаратә школ» аусура аҩбатәи аетап, аанацҳауеит Аҵара аусбарҭа апресс-маҵзура.

«Арҵаҩратә ҟазаратә школ» хықәкы хаданы иазықәгылоуп ааӡаҩцәа рҟазаратә ҟыбаҩ арҿиареи рметодикатә ҩаӡара ашьҭыхреи, иара убас иҿыцу аамҭа иақәшәо арҵаратә технологиақәа ахәыҷқәа аус рыдулараҿы рхархәара.

Асеминар амҩаҧгара иалахәуп аҵара аусбарҭа аспециалист хадацәа, ахәыҷбаҳчақәа рнапхгаҩцәа, зыҩаӡара ҳараку, аҧышәа змоу ахәыҷбаҳчақәа русуҩцәа.

Прочитано 283 раз