Версия для печати
22 ноября 2022

Беслан Ешба идикылеит арратә-спорттә хәмарра «Аиааира» аҿы актәи аҭыҧ аанызкылаз Аҟәа еизгоу акоманда алахәылацәа

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идикылеит XVI Арратә-спорттә хәмарра «Аиааира» аҿы актәи аҭыҧ аанызкылаз Аҟәа еизгоу акоманда алахәылацәа.

Аҟәа еизгоу акоманда 10-11 аклассқәа рҵаҩцәа алахәын. Урҭ мҩаҧысуан октиабр 31 инаркны ноиабр 4-нӡа.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акоманда алахәылацәеи азыҟаҵаҩцәеи дырҧылеит. Иҭабуп ҳәа раиҳәеит иаадырҧшыз алҵшәақәа рзы, иагьазгәеиҭеит, риааира – аҿар рзы ҿырҧштәы бзианы ишыҟало.

Арратә-спорттә хәмарра «Аиааира» аҿы ашколхәыҷқәа Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтә еицлабуан жәа-хырхарҭак рыла. Урҭ рахьынтә Аҟәа еизгоу акоманда фыџьара актәи аҭыҧ аннакылеит, хынтә аҩбатәи аҭыҧ, знык ахҧатәи. Еизакны, ахәмарра алҵшәақәа рыла аҧхьахә ҭыҧ ргеит. Ҳамҭас ироуз акубок Беслан Ешба изнаргеит, Аҟәа ақалақь ахадараҿы иҟазарц.

Аҟәа ақалақь ахадара аҟынтә Беслан Ешба ашколхәыҷқәа ҳамҭас ириҭеит аинралцәа Сергеи Дбари Султан Сосналиеви рсахьа зну аҧсарқәа.

Аҟәа ақалақь акоманда иалаз ашколхәыҷқәа рлыҵшәа бзиақәа шьаҭас ирымоуп иара убас иазыҟазҵоз рырҵаҩцәа рџьабаа. Беслан Ешба хаҭала урҭ ҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Аҟәа ахадара аҵарадырра аусбарҭа аспециалист хада Руслан Кәыҵниа иажәақәа рыла, сынтәатәи арратә-спорттә хәмарра «Аиааираҿы» ирацәаҩын аӡӷабцәа. Аҟәатәи акомандаҿгьы иҟан хҩык – Евелина Ҳашҧҳа, Вероника Ҳагҧҳа, Амра Ҭарҧҳа. Аҟәатәи аинтернат ааӡамҭа Амра Ҭарҧҳа илҳәеит дхәыҷы аахыс аспорт хәмаррақәа дшрызҿлымҳау, лхы шалалырхәа еиуеиҧшым аицлабрақәа.

Арратә-спорттә хәмарра «Аиааира» аицлабрақәа мҩаҧысуан Аҟәатәи алицеи-интернати Атәылахьчара аминистрра иатәу абжьбатәи артиллеристтә полки рҿы. Ашколхәыҷқәа рыбжьара ахәмарра еиҿкаан Аҧсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи рзы аминистрра аҧшьгарала.

 

 

Прочитано 305 раз