Версия для печати
26 мая 2023

Омар Шьынқәбеи Алмас Қапбеи ргәалашәара иазку амемориалтә ӷәы аартын Гәымсҭатәи ацҳаҿы

Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазку амемориалтә ӷәы иацлеит даҽа ҩыџьа аибашьцәа рфотосахьақәа. Ҩыџьа аҧа заҵәқәа – Омар Шьынқәбеи Алмас Қапбеи ҭахеит иультәи ажәылара аан.

Амемориалтә ӷәы аартра рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, аибашьцәа рҩызцәа, рыуацәа.

Амемориалтә ӷәы ацаха шкәакәа ахырхит Дауҭ Ҩардани Мрамза Чкотуаҧҳаи - Омар Шьынқәба Алмас Қапба раҳәшьцәа рыхшара.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ииультәи ажәыларатә аоперациа ҧхьаӡоуп зегь раасҭа ишьаарҵәыраз ҳәа. Аха убасҟан аҧсуа ар ироуз аҧышәа анаҩстәи аиааира уасхырс иазыҟалеит.

Аибашьра аветеран Закан Нанба иажәақәа рыла, ианҭаха ашьҭахь «Агәымшәаразы» амедал занашьахаз Омар Шьынқәбеи Алмас Қапбеи зынӡа ишҿарацәазгьы, рыҧсадгьыл ахьчаразы хьаҵрак ҟамҵакәа аӷа ишиҿагылаз.

Алмас Қапба 18 шықәса ракәын ихыҵуаз аибашьра ианалага. Аҭаацәа рзы рыхшара еснагь ихәыҷқәоуп, аха арҧыс иҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, иани иаби дырзаанымкылеит – иҩызцәа-аибашьцәа рааигәара дҟаларц иҭаххеит, деибашьуан абатальон «Горец» аҿы, дҭахеит Ахбиук ашьхаҿы иуль 4 рзы.  

Аҧа заҵә Омар Шьынқәба ихыҵуан 21 шықәса. Иан Нанули Таркьыл-Шьынқәба лзы уи иҭахара имӷьо ахәраны иааноит наунагӡа. Иаб Зураб Шьынқәба ҭабуп ҳәа реиҳәеит амемориал ӷәы аартра зхы алазырхәыз зегьы.

Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазку амемориалтә ҭӡы аҿы имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә рылаҧш адхалон ииасуаз амашьынақәа ирҭатәаз ауаа, иагьа шықәса ҵыргьы афырхацәа рус хашҭра шақәым агәра удырго.

 

Прочитано 308 раз