• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
24 июня 2025

Ҭемыр Агрба Анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәша алахәылацәа дырҧылеит

 

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ранацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәша алахәылацәа дырҧылеит.

Гәаартәылатәи аицәажәараҿы анацәа аҳҭнықалақь ахада изеиҭарҳәеит ргәы зызхьуа, насгьы ацхыраара ахьырҭаху атәы.

Урҭ ражәақәа рыла, анацәа рзы аигәныҩра хадароуп. Аибашьраҿы зыхшара ҭахаз иахьынхозаалакгьы, реибабара, реицәажәара ргәы арҟажоит, ахылаҧшра анроуа, рхьаа, маҷк иадамхаргьы, еиқәтәоит. Убри аҟынтә анацәа рхеидкыла алахәылацәа, зыхшара аибашьраҿы иҭахаз абыргцәа – Аҟәа анаҩс, Аҧсны анҭыҵгьы аамҭа-аамҭала ирҭаауеит.

Аҧснынтәи анацәа хатәгәаҧхарала Нхыҵ Кавказнтәи еибашьуаз рҭаацәа ирҭаахьеит. Хықәкыс ирымоуп аиааирамш аламҭалаз Чечентәыла ацара. Аҟәа ақалақь ахада уи аусаҿы ацхыраара шроуа иақәиргәыӷит.

Анацәа аиҧылараҿы ирзааҭгылеит аҳҭнықалақь аҿы иҟоу аиҭакрақәеи апроблемақәеи. Ргәы иҵхо зҵаараны иҟоуп аҭаацәара ҿыцқәа рынхарҭа ҭыҧқәа рыҟамзаара. Убри аан иазгәарҭеит зыхшара ҭахаз анацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ахылаҧшра шрымоу. Аҟәа инхо зыхшара аибашьраҿы иҭахаз аҧсшьарахьы рышьҭразы алшрақәа азыҧшааразы аҳәара ҟарҵеит.

Анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәша есышықәса Аҟәа ахадара имҩаҧырго еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рҿы ацхыраара рынаҭоит. Ԥхьаҟагьы адгылара шроуа азы Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ажәа риҭеит.

Прочитано 557 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки