Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалаз Ашықәс Ҿыци иааиуа Қьырса иира аныҳәа лашеи!
Ииасыз ашықәс хҭыс рацәала иҭәын, аихьӡарақәеи, иара убас азеиԥш усқәеи уҳәа рыла, урҭ рылҵшәақәа зегьы еицаҳзеиԥшуп.
Зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусуреи, шәҭакԥхықәреи, гәцаракрала иаашәырԥшыз шәыграждантә позициеи рзы. Ҳара ҳаидгылареи ҳакзаареи роуп еиҿызкаауа ҳақалақь уаҵәтәи аԥеиԥш
Ҳазҭалаз 2026 ашықәс алшара бзиақәеи, ҳзыргәырӷьаша аихьӡарақәеи рыла иҭәхааит, шәыгәҭакқәа рынаӡара иазку шықәсны иҟалааит!
Ишәзеиӷьасшьоит ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьареи, агәырӷьареи, аҳәоуеиқәшәареи, аԥеиԥш бзиеи!
Ҽаанбзиала шәнеиааит зегьы!

