• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
04 июля 2020

Беслан Ешба ақалақь ауааҧсыра Аҟәа амш рыдиныҳәалеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақь ауааҧсыра Аҟәа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу аҳҭны-қалақь иқәынхо ауааҧсыра!

2016 ш. инаркны иул актәи асабшазы Аҧсны аҳҭны-қалақь – Аҟәа амш азгәарҭоит.

Сынтәа уи арыцхә иул 4 иақәшәеит.

Аҟәа ахадара аусзуҩцәа рыхьӡала ақалақь иқәынхо зегьы ишәыдысныҳәалоит ари амш, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәабзиара, бзиа иаҳбо ҳаҳҭны-қалақь иазеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара!

Ақалақь амш азгәаҭара иазку агәырӷьаратә усмҩаҧгатәқәа иааиуа амзқәа рахь ииаагеит, избанзар ачымазара ҿыц ицәырҵыз макьана аларҵәаразы ашәарҭадара ыҟоуп.

Иахьазы ҳара хықәкы хадас иҳамоу аус зуа руалафахәы иаанаамҭо рыҭара, асоциалтә шәахтәқәа зегьы ршәара, акоммуналтә усқәа реиҿкаара ауп. Урҭ аусқәа иахьатәи аамҭазы рымҩаҧгара цәгьазаргьы, ианаамҭо имҩаҧысуеит.

Аҟәа ақалақь ауааҧсыра иҟоу аҭагылазаашьаҿы шәхымҩаҧгашьазы, ауадаҩрақәа ахьеилышәкаауа, ацхыраара зҭаху цхыраарада иахьаанышәмыжьуа азы иҭабуп ҳәа шасҳәарц сҭахуп. Иахьагьы ҳара ҳгәаҳҽанызароуп ҳгәабзиара ашәарҭара иҭамгыларц азы, ҳааигәа иҟоугьы ҳахьчаларц.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа!

Ҳара ҳакалақь аҭоурых ҳазгәдууп, убас ҳрызгәдууп иреиҳау амал – Аҟәа иқәынхо ауаа. Аҧхьаҟагьы уи ус шакәхо агәра згоит.

Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит Аҟәа иаҳа-иаҳа иҧшӡахаларц, инхо рзы еиҧш, асацәа рзгьы иманшәалахарц.

Ақалақь амш азгәаҭара есышықәса аихьӡара ҿыцқәа ҳаманы ҳшаҧылало агәра згоит.

Беслан Ешба,

 Аҟәа ақалақь ахада

Прочитано 662 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки