Версия для печати
09 июля 2020

Ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаан Аҟәа Ажәытә ҳаблаҿы

Ажәытә ҳаблаҿы аҭаацәа рымши жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымши еицазгәарҭеит.

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутат Иракли Харчлааи аҳҭнықалақь ахадареи рыбзоурала ахәыҷқәа рзы еиҿкааз агәышьҭыхгатә усмҩаҧгатә иалахәын аҳабла зегьы. 

Аҳҭнықалақь ахадара изызҳауа абиҧара рзы аҭагылазаашьа бзиақәа раҧҵара еснагь ҭакҧхықәрала иазнеиуеит. Аҧхьаҟа ахәыҷқәа рыхәмарырҭақәа рхыҧхьаӡара шеизҳауа, насгьы аҧхынтәи аамҭа иалагӡаны Аҟәа апаркқәа рҿы аконцерттә усмҩаҧгатәқәа шырацәахо атәы азгәаиҭеит аныҳәа иалахәыз Аҟәа ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Прочитано 904 раз