• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
05 ноября 2020

Аҟәа ахада аклиникатә хәышәтәырҭеи аинфекциатә хәышәтәырҭеи дырҭааит (авидео)

Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿы акоронавирус зыхьуа ачымазцәа ахьрыдыркыло аҟәша аремонт хдыркәшеит.

Ахәышәтәырҭа аиҳабы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ас еиҧш аремонт ахьыҟарҵаз.

Виачеслав Абыхәба иажәақәа рыла, дара ироуит ачымазцәа аобсервациа иахьахрыжьуа аҭыҧ, уи иабзоураны егьырҭ ачымазцәеи аперсонали дареи еиқәымшәо иҟалоит.

Ақалақь ахада иҳәеит иахьаҭаху амебель ҿыц аахәара иазхәыцырц, иаанхаз аусурақәа иаарласны ихдыркәшарц. Беслан Ешба дазҿлымҳан аелектрикатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа. Иреиҳәеит адәахьгьы урҭ ацәаҳәақәа рыҧсахырц.

Аремонт иаҿу «Аҟәаргылара» аиҳабы Асҭамыр Ԥиҧиа иҳәеит хәымш рыҩныҵҟа иаанхаз аусурақәа ишрылго атәы.

Беслан Ешба ахәышәтәырҭа аперсонал иреиҳәеит рхы рыхьчаларц, иҟоу аамҭазы дара ишрықәгәыӷуа.

Ақалақь ахада днеины игәеиҭеит адкыларҭа аҭагылазаашьагьы. Аҳақьым хада еиҳәеит араҟа аремонт аҟаҵара иалагар, аамҭала адкыларҭа аиагара ахьрылшо атәы иазхәыцырц.

Анаҩс Беслан Ешба днеит аинфекциатә хәышәтәырҭахь, дазҵаауан русушьа шеиқәыршәо, ирҭаху атәы.

Аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа иҳәеит 35-ҩык шышьҭоу, хәҩык ылырҩаауеит, хҩык рҭагылазаашьа бааҧсуп. Ақалақь ахада дазҵаауан ахәшәқәа ртәы. Асҭамыр Гәниа иҳәеит аковид ахәшәтәразы ирҭахәы зегьы шрымоу, егьырҭ ачымазара змоу рзгьы ирҭаху рырҭоит.

Араҟа ишьҭоуп аинфаркти аинсульти рышьҭахь аковид зыхьыз. Иҳәеит ианаҭаххо арахь ишааиуа егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи аҳақьымцәагьы. Ахәышәтәырҭаҿы ирызхаӡом ареанимотологцәа убас ирҭахуп амедиаҳәшьцәа.

Асҭамыр Гәниа иҳәеит ачымазцәа ироуа ахәышәтәра акомпиутертә база аҭагалара шаларгало. Уи аҳақьымцәа рус арманшәалоит. Ахәышәтәырҭақәа рахь ианыдҵаалалак, рыхьӡ ананырҵалак, иаацәырҵлоит изхысхьоу ахәшәтәра, ирыдыркылоз ахәшәқәа.

Ақалақь ахада уи ибзиоу усуп ҳәа реиҳәеит.

Прочитано 814 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки