• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
06 ноября 2020

Аҟәа ахада Беслан Ешба Аҧсуа телехәаҧшра амш аколлектив ирыдиныҳәалеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҧсуа телехәаҧшра амш аколлектив ирыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ноиабр 6 1978 ш. рзы аефирахь иҭыҵит Аҧсуа телехәаҧшра раҧхьатәи адырраҭара.

Ари ахҭыс ҟаларц азы акыр аџьабаа рбеит аҧсуа интеллигенциа, аиҳабыра, Аҧсны апатриотцәа.

Аҧсуа телехәаҧшра аира Аҧсны имҩаҧысуаз ауаажәларратә-политикатә хҭысқәа ирхылҿиааит. Аҧсуа жәлар Қырҭтәыла Аҧсны аганахьала имҩаҧнагоз аполитика ианаҿагыла, ареспублика ахәаҽра иаҿуп ҳәа ианықәгыла, Асовет Еидгыла аиҳабыра ирыӡбеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәаларц азы Аҧсны ателехәаҧшра аадыртырц.

Иахьагьы ателехәаҧшраҿы аус руеит уи ахҭысқәа згәалашәо ауаа, аартра иадҳәалаз аусмҩаҧгатәқәа ирылахәыз. Иахьа дара аҿар ирывагыланы аус руеит, рҧышәа рымардоит. Аӡәырҩы шәколлегацәа аҧсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәҧара иалахәын, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы рхы ақәырҵеит. Уи иунарбоит иарбан аамҭазаалакгьы Аҧсуа телехәаҧшраҿы зыҧсадгьыл алахьынҵа зхәыцырҭоу, зус бзиа избо, гәыкала иазнеиуа шраку аус зуа, амал иашьҭо араҟа даанхаӡом. Аҧсны жәлар шәусура пату ақәырҵоит, шәааҧсара ахә ҳаракны иршьоит. Иахьагьы дара зыгәра рго, рҿахәы зҳәо акакәны иаанхоит Аҧсуа телехәаҧшра.

Иахьатәи аамҭазы аинформациатә технологиақәа акыр ҧхьаҟа ианца, аамҭа иашьашәалоу ателехәаҧшра ашьақәыргылара шәҿаҧхьа иқәгылоуп. Агәра аагоит уи шәара ишшәылшо. Хымҧада, ари аус аҿы аҳәынҭқара ацхыраара шәҭахуп.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсуа телехәаҧшра аусзуҩцәа! Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа ажәлар рҿахәы аҳәараҿы, аҧсуа культура, аҭоурых рӡыргараҿы!

 

Прочитано 1063 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки