Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аӡиас Аӡаҧшь аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит.
Аӡиас Аӡаҧшь ҭагалани, ааҧынреи рзы ақәаршҩы анауа ааигәа-сигәа инхо ауаа апроблема рызцәырнагоит. Иара хыҵны изныкымкәа ирыҵалахьеит, аҧхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит. Ари апроблема аӡбара ақалақь аусбарҭақәа рҽазыршәахьеит, аха азҵаара ӡбамкәа иахьанӡа иаанхеит. Аигәа араҟа инхо даҽазнык ақалақь ахадарахь ааҧхьара ҟарҵеит рпроблема аӡбара иадгыларц.
Аҟәа ақалақь аусбарҭақәа араҟа аусурақәа мҩаҧыргоит ҩымчыбжь инарзынаҧшуа. Атехника ҷыдала ирыцқьоуп аӡиас иахиааны иҟаз аҵлақәа, иқәгоуп агәам-сам.
Беслан Ешба иҳәеит иахьазы имҩаҧырго аусурақәа шықәсыбжак, ма шықәсык акәымкәа, акыр шықәса инеиртә иҟарҵарц.
Аҭыҧантәи ауааҧсыра егьараантә ирҳәахьазаргьы, абыржәы рпроблема шырыӡбо азы агәыӷра аадырҧшит.
Аҟәа Аиааира апроспект аҿы ирҿыцуп ауаажәларратә транспорт аангыларҭа. Араҟа ҩымз инарзынаҧуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуан. Урҭ ирылагаанӡа аконкурс рылаҳәан. Аангыларҭа аиҭарҿыцра 500 нызқь мааҭ артәеит. Раҧхьаӡа жәиҧшь метра ауреи, хә-метрак аҭбаареи змоу аангыларҭа ахыб иқәыргеит х-машьынак агәамсам, нас уи аиҭарҿыцра нап адыркит. Аплитка ҿыц шьҭарҵеит, абордиурқәа рыҧсахит, амозаикала ишьақәыргыло апанно ареставрациа азыруит.
Вице-премьер, министр экономики Кристина Озган в ходе рабочей поездки провела инспекцию ряда объектов, восстанавливаемых в рамках «Инвестиционной программы содействия социально-экономическому развитию Абхазии», сообщает пресс-служба Минэкономики.
Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001
Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье