Версия для печати
24 мая 2021

Аҟәа Аҵара аусбарҭа аспециалистцәа ахәыҷбаҳча «Еҵәаџьаа» иаҭааит

Есышықәса уажәааны Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа 13 рҿы агәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа нарыгӡоит аҳҭнықалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалистцәа. Урҭ хықәкыс ирымоуп ахәыҷбаҳча аушьҭымҭацәа ашкол ахь ацаразы ишазыҟаҵоу агәаҭара.

Ахәыҷбаҳча «Еҵәаџьаа» аҿы иҟоуп аҧсуеи аурыси аиҳабыратә гәыҧқәа. Урҭ аушьҭымҭацәа дырҭааит Аҟәа 1-тәи ашкол а-5-тәи акласс аҵаҩы Руслана Ԥарулуа, уи илзеиҭарҳәеит рҽыззыҟарҵаз атемақәа. Аҧсуа гәыҧ аҿы ахәыҷқәа ааӡаҩ Милана Кархалаа-ҧҳа лызҵаақәа рҭак ҟарҵон.

Аурыс гәыҧ аҿы ахәыҷқәа ааӡаҩ Елена Семенеко лызҵаақәа рҭак ҟарҵон. Ара аҵара рҵоит аҧсацәа, аурысцәа, аерманцәа.

Ахәыҷбаҳча «Еҵәаџьаа» иахьазы 130-ҩык ааӡамҭацәоуп, уа иҟоуп ф-гәыҧк. Инеиҧынкыланы 29 шықәса ахәыҷбаҳча напхгара азҭо Наҭелла Ҷкадуа иазгәалҭеит рааигәара даҽа хыҷбаҳчак аадыртаанӡа, рааӡамҭацәа рхыҧхьаӡара 280-ҩык рҟынӡа ишынаӡоз.

Апандемиазы аҧкрақәа анаҧырх, ахәыҷбаҳчақәа аусура азин рырҭеит жәабран 15 инаркны. Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиа имҩаҧгаз иаарту аурокқәа рышьҭахь ахәыҷқәа ибзианы ашкол ишазыҟаҵо азгәалҭеит.  

«Сынтәа даҽа аамҭанык еиҧшымкәа маҷк ҳаиҧҟьеит. Адунеи зегь аҿы иҟалаз ачымазара иахҟьаны, даҽакала ҳазнеит аҵара-ааӡаратә процесс. Аха егьа ус иҟазаргьы ахәычқәа ашкол иазыхиоуп ҳәа азысыҧхьаӡоит. Бжь-мзы дуӡӡа аус ҳауӡомызт. Ахәыҷқәа иҭышәынтәаланы рыҟаҵара аамҭа аҭахын. Аусура ҳанҭыҵ ашьҭахь мыш ҩажәа ахәычқәа ашкол аҿы ишақәнаго атәашьа ддырҵон. Жәабран 15 инаркны аамҭа маҷны ишрымазгьы, ааӡаҩцәа ахәыҷқәа гәык-ҧсык ала ирызнеины иазыҟарҵеит, адыррақәа рырҭеит», - лҳәеит Аҵара аусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиа.

Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалистцәа игәарҭахьеит жәа-хәыҷбаҳчак. Излагаз агәаҭарақәа нарыгӡоит маи 25 рзы. Убасҟан иҟарҵоит аихшьаала.

 

Прочитано 754 раз