Версия для печати
30 сентября 2021

Авҭандил Сурманиӡеи Асҭанда Ҭаркьыли арҵаҩцәа-аветеранцәа Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира 28 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 ахыбраҿы, аанацҳауеит Аҟәатәи аҵараусбарҭа.

Ахәылԥаз ахь иааԥхьан Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟны аус зуа арҵаҩцәа-аветеранцәа.

Арҵаҩцәа-аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл, Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.

Аветеранцәа ирыҭан адныҳәаларатә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.

Ашколхәыҷқәа рымчала еиҿкаан аконцерт агәыԥшаареи, агәышьҭыхреи, апатриоттә ааӡареи  зцыз.

Аконцерт рҽаладырхәит ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрбеи Ерик Миқаиеи.

 

Прочитано 683 раз