Версия для печати
29 июля 2022

Аҟәа Џьонуа ихьӡ зху амҩаду аҿы акаҭран ақәҵара иалгоит (авидео+афото)

Аҟәа Џьонуа ихьӡ зху амҩаду аҿы акаҭран ақәҵара иалгоит иаарсланы. Уи алагьы ихыркәашахоит 2020 шықәсазы излагаз Урыстәыла ацхыраарала аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳҭнықалақь амҩадуқәа хҧа - Абазақәа рымҩа, Гәлиа, Џьонуа рымҩақәа реиҭашьақәыргылара.

Арҭ амҩадуқәа рҿы иҧсахын аӡымҩангагақәеи аӡцарҭақәеи. 2021 шықәса анҵәамҭазы аӡыцрыҵмҩангагақәа ҧсахын, анаҩс иалагеит акаҭран ақәҵара.

Афирма «Абхазрегионстрои» аусзуҩцәа Очамчыратәи азауад аҟынтә иаагоу акаҭран ақәҵара иаҿуп. Аҟәа ақалақь ахадара аусурақәа ахылаҧшра арҭоит.   

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе излеиҳәаз ала, Урыстәыла Афедерациа Аҧсны асоциал-економика ҿиаразы ацхыраара 2023-2025 шықәсқәа рзтәи аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҭашьақәыргылоу амҩадуқәа хҧа рҿы атротуартә плитка ақәҵара азгәаҭоуп.

Аҟәа ақалақь ахадара ахарџь ала аҳҭнықалақь аҩныҵҟа имҩаҧысуеит аӡцарҭақәа ррыцқьарақәеи амҩадуқәа рҿы акаҭран ахьҭабгаз аҟәаҧа-ҿаҧарақәа реиҟаратәреи рзы аусурақәа. 

Аҳабла ҿыц аҿы инхо ауаа иҟарҵаз аҳәара Аҟәа ақалақь ахадара ахаҵгылеит. Гәымсҭатәи амҩаду аҿы иҵоу аӡымҩангагақәа ҭыҧ-ҭыҧла иҧжәоит, урҭ шьаҭанкыла иҧсахтәуп, убри аҟынтә иӡбан уажәазы акаҭран инеиҧынкыланы акәымкәа, аҭыжаарақәа ахьыҟоу ақәҵара.

Гәымсҭатәи амҩаду аҿы аусурақәа анхдыркәшалак аҳҭнықалақь ахадара иазҧхьагәаҭаны ирымоуп Аҳабла ҿыц егьырҭ амҩақәа рҿгьы аремонт аҟаҵара.

Прочитано 513 раз