Версия для печати
26 октября 2022

Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны имҩаҧымсуеит «Аԥсуа бызшәа» амчыбжь

Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны имҩаҧымсуеит «Аԥсуа бызшәа» амчыбжь афото: Аҵара Аусбарҭа

Октиабр 24 2022 ш. рзы Аҟәа ақалақь Аҵара Аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны ихацыркуп шықәсы рацәала итрадициахаз «Аԥсуа бызшәа» амчыбжь.

Амчыбжь аҩныҵҟа аҳҭнықалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы рҿы имҩаҧыслоит еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа, аанацҳауеит Аҵара Аусбарҭа.

Аԥсуа бызшәа – кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иалоу мраҭашәара-кавказтәи (аԥсуа-адыга) абызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Зегь реиҳа иазааигәоу бызшәоуп абаза бызшәа, аԥсшәеи абаза бызшәеи иргәыцхәу бызшәақәоуп иара убас адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, нас аубых бызшәа (иахьазы иԥсхьоу).

«Аԥсуа бызшәа адунеиаҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу, ҳаамҭанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәақәа ируакуп. Шәалаҽхәала, шәалацәажәала шәхатәы бызшәа! Ҳабызшәа-ҳҿахәҳәагоуп!» - аҳәоит Аҵара Аусбарҭа апресс-релиз аҿы. 

Аҧсуа бызшәа амчыбжь аусмҩаҧгатәқәа ирыцҵо Аҟәатәи абжьаратә школқәа рҟны имҩаҧган ажәеинраалақәа рконкурс.

 

Прочитано 421 раз