• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
16 апреля 2024

Воронов имҩаду аҿы аҷандар ҵлақәа рыхҵәара иаҿуп (авидео)

Мызкы ҵуеит Аҟәа Воронов имҩаду аҿы аҷандар ҵлақәа рхырффара иаҿуижьҭеи.

Аусурақәа мҩаҧыргоит Аҟәа ақалақь иатәу «Аиқәыршәазаара» аусбарҭа. Уи иахылаҧшуеит Аҳәынҭқарратә екологиатә маҵзура. Амаҵзура аиҳабы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аҵлақәа рҭагылазаашьа гәаҭаны ирыҧхьаӡеит урҭ иҵауланы ихҵәатәуп ҳәа.

Амҩаду аҿы инхо шьоукы, урҭ рацәаҩымзаргьы, аҵлақәа рыхҵәара згәамҧхо ыҟоуп. Дара ргәаанагарала, аҧхын аҵлақәа ашәшьыра ҟарҵалар ауп, уажәы рыхҵәара иашам. Даҽа џьоукы, ари амҩаду аҿы инхо ирҳәоит аҵлақәа рыхҵәара иазыҧшуижьҭеи акыр шҵуа.

Иури Қәҭарба иҳәеит аҵлақәа рыхҵәара анаҩсгьы, атротуарқәа рышьақәыргыларагьы шырҭаху, Аҟуа ақалақь егьырҭ аҭыҧқәа рҿы ишыҟарҵо еиҧш, уи аусурақәа шыргәаҧхо.

Зегьы иаҳгәалашәоит иуль мза 2021 шықәсазы Аҟәа иҟаз аҧшасра иахҟьаны Воронов имҩаду аҿы аҷандар ҵлақәа заҟа аҧхасҭа ҟарҵаз, дара аҩнқәа ирықәҳаит, афымцамҩангага ацәаҳәақәа ҧырҵәеит.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иазгәеиҭеит аҵлақәа рыхҵәара планпа ишарбо, ақалақьи ауааҧсыреи  ирзеицәоу ҳәа акагьы шыҟам.

Воронов имҩаду аҿы аҷандар ҵлақәа рыхҵәара ирылгароуп апрель нҵәаанӡа. Уи иазыҧшу рацәаҩуп ари амҩаду аҿы.

 

Прочитано 302 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки